"Ирацәаҩны астудентцәа ааганы анкьа ишыҟаҳҵалоз еиԥш иаҳзыҟаҵаӡом аԥышәарақәа. Асанитартә ҳақьым хада иҳалҭаз аԥҟарақәа зегьы ҳрықәныҟәаны ахыхьчара аҭахуп. Убри ауп зегь реиҳа ихаданы ҳҿаԥхьа иқәгылоу. Асессиақәа зегьы ахыркәшарахь инеиуеит. Алҵшәақәа ралгара ҳаҿуп. Ҳазҭагыло амза иалагӡаны иҟалоит аԥышәарақәа. Адипломтә усумҭақәа зыхьчо абжьааԥнык иеиԥшымкәа ирзыԥҵәоу аамҭа еиҵыхны ишьақәыргылоуп. Дарбанзаалакгьы сынтәатәи аушьҭымҭа агәыҩбара ҟаимҵароуп адипломқәа рыхьчара шыҟало азы. Уи ахылаԥшра бзиа амоуп ауниверситет аусзуҩцәа зегьы рганахьала. Акомиссиа аусура иаҿуп, иалагахьеит", - ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамазаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Еицәыхараны, асабрадақәа рҿаны: ААУ аԥышәарақәа шымҩаԥысуа
Аԥышәара ацынхәрас аиҿцәажәара: ААУ аҭалара дырмариар ауеит