АҞӘА, лаҵара 22 – Sputnik. ААУ астудентцәа аԥышәарақәа рҭилароуп, адипломқәа рыхьчароуп асанитартә нормақәа ирықәныҟәаны ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик арҵаҩратә еилазаареи лареи реиԥылара ашьҭахь.
"Азыԥхьагәаҭаратә уснагӡатәқәа зегьы азырхиатәуп. Ауниверситет алшарақәа амоуп аԥышәарақәа рыҭираани адипломқәа рыхьчараани ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа аиҿкааразы. Арҵаҩратә еилазаара иҟоу бзианы еилыркаауеит", - лҳәеит лара.
Скорик иазгәалҭеит ихадоу анормақәа: метраки бжаки иҟоу асоциалтә бжьазаара ақәныҟәара, асабрадақәа рҿазаара, арзҩыдагақәа рхархәара.
"Уажәшьҭа дара астудентцәа иреилыркаатәуп. Дареи ҳареи ҳаилибакаар, акоронавирустә инфекциа аҭыԥ аиуам. Азҵаарақәа зегьы ҭырҷҷааны аус рыдулоуп. Сгәы иаанагоит ААУ аҿы ауснагӡатәқәа иманшәалоу арежим иақәшәан имҩаԥысып ҳәа", - лҳәоит аҳақьым.
ААУ аҿы ишырҳәаз ала, факультетқәак рҟны, акоронавирус ацәшәара злаҟаз ала, аԥышәарақәа ҽаантәи аҵарашықәс ахь ииаргеит.
Рашәара 2 инаркны аушьҭымҭацәа адипломтә усумҭақәа рыхьчара иалагоит.
Иахьазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ 17-ҩык апациентцәа аҽыхәышәтәра иахысуеит. Зынӡа ареспубликаҿы 25-ҩык авирус рыхьхьеит. Фҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аканикулқәа ирылагеит: Аԥсны аҵарашықәс заанаҵ ихыркәшахоит
-
"Адистанциатә ҵара": ААУ аҟны аҵарашықәс апроблемақәа ирылацәажәеит