Путин: Урыстәылаҟа акоронавирус жьҭаареи абҵареи рзы ихынҳәыр ҟалоит

Урыстәыла ахада Владимир Путин атәылаҿ асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьазы аиҳабыра реилацәажәара далахәын.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Урыстәылаҟа акоронавирус жьҭаареи абҵареи рзы ихынҳәыр ҟалоит, ари хырҩа аҭара иашам, аԥкрақәа ррежим ҳаналҵуа уи азԥхьагәаҭатәуп иҳәеит Владимир Путин атәылаҿ асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьазы аиҳабыра реилацәажәараан.

Аҳақьым: ҭагалан Урыстәыла акьыбачымазара зыхьуа рацәаҩхоит

"Аԥкрақәа ррежим маҷ-маҷ ҳаналҵуа азхьаԥшра аҳҭароуп ҳтәылаҿи аҳәаанырцәи аспециалистцәа ирҳәо – авирус еиҭахынҳәыр ҟалоит жьҭаара-абҵара амзақәа рзы. Ҳара асеиԥш аҭагылазаашьа ҳазыхианы ҳаҟазароуп", - иҳәеит Путин.

Урыстәыла ахада Владимир Путин иазгәеиҭеит атәылаҿ акоронавирус абжьаратә еизҳара хәажәкыра 26 рзы ишазгәаҭаз - 24,1%, уажәы уи арбага 3,5% иҟоуп.
Иахьазы Урыстәыла  326 448 коронавирустә инфекциа хҭыс азгәаҭоуп 85 регион рҿы.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар шәылшоит абра>>