АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Урыстәылаҟа акоронавирус жьҭаареи абҵареи рзы ихынҳәыр ҟалоит, ари хырҩа аҭара иашам, аԥкрақәа ррежим ҳаналҵуа уи азԥхьагәаҭатәуп иҳәеит Владимир Путин атәылаҿ асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьазы аиҳабыра реилацәажәараан.
"Аԥкрақәа ррежим маҷ-маҷ ҳаналҵуа азхьаԥшра аҳҭароуп ҳтәылаҿи аҳәаанырцәи аспециалистцәа ирҳәо – авирус еиҭахынҳәыр ҟалоит жьҭаара-абҵара амзақәа рзы. Ҳара асеиԥш аҭагылазаашьа ҳазыхианы ҳаҟазароуп", - иҳәеит Путин.
Урыстәыла ахада Владимир Путин иазгәеиҭеит атәылаҿ акоронавирус абжьаратә еизҳара хәажәкыра 26 рзы ишазгәаҭаз - 24,1%, уажәы уи арбага 3,5% иҟоуп.
Иахьазы Урыстәыла 326 448 коронавирустә инфекциа хҭыс азгәаҭоуп 85 регион рҿы.
Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар шәылшоит абра>>