Арепатриациа

Илҳан Аҩӡба: аԥсуара ҵароуп, угәаҿы аԥсы ҭазароуп

Аҭоурых аҿахәы, Аԥсадгьыл ахьаа, аԥсуаа рыбзиабара зыԥсҭазаароу Ҭырқәтәыла инхо абырг Илҳан Аҩӡба игәҭахәыцрақәа ирызкуп ажурналист Сырма Ашәԥҳа ишәыдылгало анҵамҭа.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Егьа аамҭа царгьы, егьа ашәышықәсақәа ииасыргьы, ҳажәлар ирхыргаз аҭоурых ашьҭа арӡӡом, аҿахәы аҳәоит.

Зқьыла аԥсҭазаарақәа ахьҿыцәааз Қьефқьен: амҳаџьырцәа ргәаларшәара амш азы

Забдуцәа Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа мчымхарыла ихырҵәаз Илҳан Аҩӡба уажәшьҭа 90 шықәса дырзааигәоуп. Иара дырхаануп иандуцәеи иабдуцәеи, игәалашәоит ихәыҷра ашықәсқәа рҟынтә дара еиҭарҳәалоз ажәабжьқәа, еиҳаракгьы ихы-игәы аҟны иаанхаз ажәа "Аԥсны". Усҟан, Илҳан Аҩӡба иабаидыруаз Аԥсадгьыл закәыз, уи иаҵаҵәахыз жәларык рхьаа закәыз. Зыӡбахә сымоу ауаҩ бырги сареи ҳаибадырит Ҭырқәтәыла, Қьефқьен ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны, усҟан уа иазгәарҭон ахҵәара иақәшәаз ҳџьынџьуаа ргәалашәара амш. Заԥсшәа аӡыхь еиԥш ицқьаз Илҳан Аҩӡба илахь акырӡа еиқәны, луанытә дқәыԥсычҳауа иаацәыригеит иабдуи иареи еибырҳәахьаз жәабыжь хәыҷык аҭоурых.

"Сабдуи сареи амца ҳадтәаланы ҳахәаԥшуан, иара дҵәыуон, сара сыхәмаруан. Илаӷырӡқәа анызба иџьашьаны сиазҵааит сабду ас иаалырҟьаны аҵәыуара дзалагаз. "Сызҵәыуо уара иузеилкаауам, макьана ухәыҷуп, аха иуасҳәап", - иҳәан, хрыжь-хрыжь аиҭаҳәара дналагеит.

"Ҳара Аԥснынтә ҳанаауаз ар аӷба ҳақәдыртәеит, ҳшеибарҳәҳәоз ҳаидыҵит. Иршьыма, инхама, иԥсыма, ирыхь ҳахздырӡом, ҳаицәыӡит, убри азоуп сызҵәыуо, зны иугәалашәара уҟоуп иҳәеит", - абас иабду изеиҭеиҳәахьаз ажәабжь ҳара ҳҟынӡагьы иааигеит зыԥсадгьыл иазгәышьуа, атәым дгьыл аҿы анхара зқәашьхаз Илҳан Аҩӡба.

Мамун Маан: сажәра Аԥсныҟа иаазгоит ҳәа сыҟамызт

Илҳан Аҩӡба данхәыҷыз инаркны иаҳауаз аԥсуа бызшәа акәын, аҭырқәшәа зынӡа ирҳәаӡомызт иҭаацәа. Гәыма ақыҭа зынхарҭа ҭыԥ еиҿызкааз иабшьҭра раԥсуара изларыднаҵоз ала рхы ныҟәыргон, гәыхьс-хыхьс ирымаз инрыжьыз рыдгьыл, рыҩнқәа, рхәышҭаарақәа ракәын. Ахырҵәара ус имариамызт уаԥсҵәык анышә Аԥсадгьыл аҟынтә изызгәышьуаз аԥсуаа рзы.

"Ҳара ҳгәыхь ӷәӷәоуп. Ус лахьынҵас ҳазшаз ираҭәеишьеит ҳаиҳабацәа. Егьа аамҭа цазаргьы, ишыжәбо еиԥш, ҳаԥсуара бжьаҳмырӡӡеит, иныҟәаҳгагәышьоит. Аха, уи агьама ахьамоу иара ахьииз Аԥсынраҿоуп. Ҳара ҳаԥсадгьыл Аԥсноуп, ҳара ҳзызхьаауа иароуп, мышкызны уахь нхара ииасырц ҳҭахуп иҳаҵагылаз аҿар. Анцәа ҳазшаз абзиарақәа рзы ҳаиқәиршәалааит, аԥсуаа иаҳхаҳгахьоу ҳазхазааит",-ҵыхәаԥҵәара рымамызт абырг иԥсадгьыл ахь имаз игәҭахәыцрақәа.

Аԥснынтә ихырҵәаз ҳажәлар атәым дгьыл иахьықәнагалаз ахеиқәырхара, аԥсҭазаара рцәыуадаҩхеит, ачымазарақәа рыхьуа иалагеит, аҳауа рнааломызт. Илҳан Аҩӡба излаиҳәо ала, акыр аҭыԥқәа еиҭанаркит, аԥсабара еиҳа иахьырнаалашаз, насгьы Аԥсны еиԥшыз ақыҭақәа рышьақәыргылара иалагеит. Абнарақәа рахь ицеит, убас рыԥсы ҿырхуан. Аибашьрақәа рахь иагаз ҟалеит, иахьнанагазгьы ҭынчнхамҩа рымамызт, аҿар Балканҟа иагаз рацәаҩхеит. Аԥсуаа ашәара захьӡыз рыламызт, ргәамч ӷәӷәан.

"Ҳаиҳабацәа еиҭарҳәалоз ажәабжьқәа рыла ҳдухеит, урҭ ахҭысқәа ҳаргьы ҳрылиааҵәҟьазшәа иҳазҳаит. Аԥсны ҳаҟаӡам, аха уа иҟоу ҳашьцәа ҳаԥсы иаҳзалымхуа бзиа иаҳбоит, шәыӡбахә бзианы иҳаҳауеит, ҳазшаз дышәзыразхааит", - дҳацәажәон Аҩӡба.

Мышқәак раԥхьа стелехәаԥшратә видеоҭыхымҭақәа еидызкылоз анҵамҭақәа сышрыхәаԥшуаз, Илҳан Аҩӡба ицәажәара аасԥыхьашәеит. Амҳаџьырқәа ирызкны иҟасҵахьаз адырраҭара иагәылагылан иқәгылара, сеиҭазыӡырҩит. Акыр сгәы ԥшааит, исҭаххеит иҭел аномер ԥшааны сиацәажәарц, жәабаҟа шықәса шҵуазгьы ҳаибамбеижьҭеи, сигәаламшәаргьы схы исырдырып, Аԥснынтә сшасуа наиасҳәар игәы иахәап ҳәа сыӡбеит, ус иагьыҟасҵеит.

Аидын Аҩӡба: аԥсуа дахьыҟазаалакгьы Аԥсноуп дахьанаало

Ҭырқәтәыла инхо Аидын Аҩӡба ила еилыскааит иҭел аномер, ишсоуҵәҟьаз еиԥш сизасит аҭел. Ԥхәыск аҭырқәшәала "ефендым" ҳәа иаашьҭылхит. Сара аԥсышәала сзеиуаз наласҳәеит, сыззасызгьы лсырдырит. Излеилкаахаз ала, Илҳан Аҩӡба иԥшәмаԥҳәыс Ԥериҳан Аҭрышԥҳа лакәзаарын. Аԥсышәала исҳәаз аҭак сылҭеит, ашьҭахь илҳәеит лыԥшәма игәы рацәак ишыбзиам, илымҳақәагьы маҷк ихьысҳаны ишраҳауа. Аха, "Сыӡӷаб, Аԥснынтә бшасыз иаҳар, дыбмацәажәар иуӡом",- лҳәан, сызусҭаз наиалҳәан аҭел наилыркит лыԥшәма.

Анҵамҭа аҩра сахьаҿугьы сгәы акырӡа иԥшаауеит абырги сареи ҳаицәажәара ахьысгәалашәо. Аӡыжәра зҭахны иҿажәкны иҟаз ауаҩ еиԥш, акырӡа деигәырӷьеит Илҳан Аҩӡба Аԥснынтә иаҳаз аԥсуа шьтыбжьы. Имаҷымкәа ҳаицәажәеит, Аԥснаа зегьы салам риҭеит, иԥсы арахь ишыҟаз иҳәеит. Сара иџьасшьеит, жәашықәса раԥхьа исзеиҭеиҳәахьаз ахҭыс ала ҳаицәажәара ахьхациркыз, уи зызкз иара дызбылуаз, хьаас имаз иабдуцәа ирхыргаз агәаҟрақәа ракәын. Сыбжьы ҽеила ианимаҳалак игәы инархьуан, "илҳәазеи бара?" - ҳәа иааигәа иҟаз иԥшәмаԥҳәыс длазҵаауан.

"Ажәра сыхьӡеит, ачымазарақәа сиааиуа иалагеит. Еҳ, сеибганы сыҟандаз, егьа жәабжь бзеиҭасҳәарын", - иҳәеит Илҳан Аҩӡба игәамбзиара игәы иаланы. Егьа ус акәзаргьы игәҭыхақәа, ихәыцрақәа ртәы дазааҭгылон, уажәы-уажәы игәы шыԥшаауаз убарҭан.

"Сабду иаб Шәлиман ихьӡын, сабду Ҳалыл ихьӡын, санду саб иан д-Цыгәԥҳан Шьафиа лыхьӡын, сан лан д-Кәаӡԥҳан. Сан Уанаҿаԥҳан, Сабриа лыхьӡын. Сабду иашьеи иареи Аԥснынтә ихҵәақәаз роуп, саб 13 шықәса ихыҵуан усҟан, иара иеиҳабы 20 шықәса ихыҵуан. Ҳара уажәы Дузџьа ҳанхоит", - иҳәеит Илҳан Аҩӡба.

Илҳан Аҩӡбеи Ԥериҳан Аҭрышԥҳаи ԥшьҩык аҭыԥхацәа рымоуп. Дара ҭаацәала Аԥсныҟа иаахьеит, ирбахьеит. Мчыбжьык Аԥсны рыҟазаара иалагӡаны акыр еимдеит, Илҳан иабшьҭра ахьаныҵыз Гәымаҟагьы ицеит, ус еиԥш аԥсуа қыҭақәа ирҭааит, рашьцәеи дареи еибабеит.

Илҳан Аҩӡба: аԥсуара ҵароуп, угәаҿы аԥсы ҭазароуп

"Шәыгәхьааҳгоит, ҳара ҳтәқәа шәоуп. Агәабзиара шәымазааит, ҳгәы шәыцуп, ҳаԥсадгьыл уа иҟоуп, ҳаԥсуара бзиа иаҳбоит. Ҳара уаҩы ҳиеиԥшӡам, избанзар ҳаԥсуара хазуп, ҳара ақыҭаҿы ҳдухеит аха, даргьы ҳаргьы ҳаинаалаӡом, Избанзар, ҳара иныҟәаҳго, иҳалоу аԥхашьара уамак дара ирылаӡам, иныҟәыргаӡом, избанзар ҽа милаҭуп. Ҳара ҳтәарҭа хазуп, ҳаиҳабы дызусҭоу, ҳаиҵбы дызусҭоу ҳдыруеит. Аԥсуара ҳәа иҟоу ҵароуп, уи ала удухароуп, аӡәгьы иуиҭаӡом, уара угәы иҭазароуп, угәала уаԥсыуазароуп, аламыс умазароуп, иуҳәо-иууа удыруазароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Илҳан Аҩӡба ҳаиҿцәажәараҟны.

Забацәа, забдуцәа рлахьынҵа џьбара зхьаау, зыԥсадгьыли, зыуаажәлари, заԥсуареи згәаҵа иҭаҵәахны измоу ҳџьынџьуаҩ, абырг ҟәыш, ҳҭоурых иаҿахәҳәагоу, атәым дгьыл аҿы уи иазхьаауа Илҳан Аҩӡба агәабзиара изеиӷьаҳшьоит. Аԥсныҟа, аԥсуаа ҳахь иааишьҭыз ажәа ԥхақәа, асаламқәа, сынҵамҭахәыҷ ала ишәанасшьоит, ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: