Арадио

Туӷәышь: ашьхааӡаҩцәа ацха ахаҭабзиара аҵкыс, аԥара иахәаԥшуа иалагеит

Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Аԥсныцха" аиҳабы Даур Туӷәышь арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ацха ԥаршеи ҟазҵо ашьхааӡаҩцәа русура аԥсуа цха ахыԥша ишаныԥшуа атәы.
Sputnik

"Аԥсны иааҳрыхуа аалыҵқәа зегьы уара ишуҭаху иаашьҭыхны Урыстәыла агара уадаҩхеит. Аԥсуа цха ахаҭабзиара атәы асовет аамҭазы зегьы ирдыруан иахьа иаазрыхуа ракәзар, изхәаԥшуа ахәқәа роуп. Ахаҭабзиара ацәмаҷхо иалагеит ҳацха. Уи шьҭа ишьақәҳаргыларцаз аҳәынҭқарра аҟнытә ацхыраара ҳҭахуп. Убысҟан ауп ҳацха аҭыԥ ианықәҵахо", - ҳәа еиҭеиҳәеит Туӷәышь.

Иахьа Аԥсны ииашам ацха ҟазҵо рацәаҩхеит, уи ҳәарада, ахә ианыԥшит, иара ашьхааӡаҩцәа русгьы анырра анаҭоит ҳәа иҳәеит Туӷәышь.

"Иахьа Аԥсны иаадрыхуа ацха зегьы ишахәҭоу еиԥш иаауа аԥсшьаҩцәа ирыдыргалозҭгьы ицқьаны, иаадрыхуа ацха аҟара ԥшьба-хәба рыла еиҳаны иҟарҵозҭгьы, убригьы рызхаӡомызт. Убысҟак ирацәоуп ииашам ацха", - ҳәа азгәеиҭеит Туӷәышь.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: