Урыстәылаа рыбжаҩык макьаназы анҭыҵ аԥсшьара ацара иазхәыцуам

Урыстәылаа рыхәҭак акарантин ашьҭахь рфинанстә ҭагылазаашьа уадаҩхоит ҳәа иазырыԥхьаӡоит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Акоронавирус иахырҟьаны аԥсшьара мап ацәызкуа урыстәылаа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еиҳахеит акарантин аларгалаанӡа аасҭа. Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы иара иартәеит 50% ҳәа акьыԥхьуеит аҭҵаартә холдинг "Ротмир".

Изызҵааз реиҳараҩык рԥарақәа ушьҭантәи рыԥсшьара иазырҵәахырц ргәы иҭоуп.

Мишустин аҳәара ҟаиҵеит урыстәылаа аҳәаанырцәҟа ԥсшьара имцарц

Асоциологцәа иазгәарҭоит аекономикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩугьы урыстәылаа рныхрақәа рацәак еиҵамхеит ҳәа.

Аԥыза-министр Михаил Мишустин лаҵара 25 рзы ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аамҭала аҳәаанырцәныҟәарақәа рыҽрыцәхьаркырц, адунеи атәылақәа рҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеиуеиԥшым азы.

Мишустин иазгәеиҭеит еиҳа ишшәарҭам иагьшеиӷьу атәыла аҩныҵҟа аԥсшьарамшқәа рыхгара, рашәара 1 инаркны асанаториақәа жәпакы аусура ишалаго.

Иахьазы Урыстәыла 362 342 акоронавирустә хҭыс аҭыԥ рымоуп 85 регион рҿы.

Аԥсны иахьаҵанакуа Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы рашәарамза 1 аҟынӡа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь аԥсуа-аурыс ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ирхысны аҭалара азин рымам аҳәаанырцә тәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи.

Аԥсны рашәара 1 аҟынӡа азин ыҟам аекскурсиатәии атуристтәии усура, асасааирҭақәа, аԥсшьарҭақәа, асанаториақәа рҟны заанаҵтәи аҭыԥҿаҵара азин ыҟам.

Апандемиа аамҭала Аԥсны 28-ҩык авирус рыдбалоуп, 15-ҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит. Ареспубликаҿы рашәара 1 аҟынӡа аекскурсиатәии атуристтәии усура аанкылоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: