Ҳтәылауаа Қырҭтәыла рҽыхәышәтәра ашьҭахь Аԥсныҟа ихынҳәыр ҟалоит

Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа аркын хәажәкыра 14 рзы усҟантәи ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба иусдҵала.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Лаҵара 26 инаркны ҳтәылауаа Қырҭтәыла аҽыхәышәтәра ашьҭахь Аԥсныҟа ихынҳәыр ҟалоит ҳәа аанацҳауеит Гал ТВ, ареспублика асанитартә ҳақьым Лиудмила Скорик лажәақәа шьаҭас иганы.

"Ари атәыла аиҳабыра ақәшаҳаҭуп, акарантинқәеи аҿкчымазарақәеи раан аус зуа 2005 шықәсазтәи жәларбжьаратәи амедика-санитартә ԥҟаррақәа инарықәыршәаны имҩаԥгахоит", - лҳәеит лара.

Аԥсны аҵакырахь иҭало зегьы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" аҿы амедицинатә усзуҩцәа агәаҭара иахрыжьуеит, аинфекциа амазаара аганахь ала.

Убри аан хымԥада авирус аганахь ала алаборатортә ҭҵаара ишахысхьоу азы ашәҟәы рымазароуп. Асеиԥш иҟоу аршаҳаҭга змам COVID-19 азы атест иахыжьхоит.

Уи адагьы Аԥсныҟа иаауа 14 мштәи акарантин рхыргароуп. Уи хылаԥшра арҭоит Аԥсԥны ААР, Аԥсны АШәМ, Аԥсны АЕС аусзуҩцәа.

Аԥсны иахьаҵанакуа пандемиа аамҭаз 28-ҩык авирус рыдбалоуп, 14-ҩык ргәабзиара шьақәгылоуп, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>