Ҩ-миллионҩык рҟынӡа афырхацәа дырбан "Ԥсра зқәым архәҭа-онлаин" ала

Зынӡа онлаин-мҩасра аамҭала идырбан 2,7 миллион фотосахьа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Лаҵара 9 инаркны ҩ-миллионҩык рҟынӡа афырхацәа дырбан "Ԥсра зқәым архәҭа-онлаин" ала. Атранслиациа хыркәшахоит амчыбжь анҵәамҭаз.

Зынӡа онлаин-мҩасра аамҭала иара рхы аладырхәит 23,5 миллионҩык Урыстәыла Ԥсра зқәым архәҭа, Жәларбжьаратәи ԥсра зқәым архәҭа рсаитқәеи егьырҭ асоциалтә ҳақәа: ВКонтакте, Одноклассники рҟни онлаин-кинотеатр "Okko" аҟни.

190 000 анкета макьанагьы аус рыдырулараны иҟоуп апроект амодераторцәа", - ҳәа лҳәоит "Урыстәыла ԥсра зқәым архәҭа" ацхантәаҩ Елена Цунаева.

"Ԥсра зқәым архәҭа-онлаин" азы азҵаарақәа рынашьҭра алшоит абри аномер ала: 8 - 800 - 20 - 1945 – 0.

Аҩаша, лаҵара 26 рзы Владимир Путин ирылеиҳәеит итрадициатәу "Ԥсра зқәым архәҭа" аныҟәара шымҩаԥысуа ԥхынгәы 26 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: