Аҟәа ақалақь араионқәак рҿы лаҵара 28 рзы аӡы ҟалаӡом

Аӡы ҟалом раионқәак рҿы, иара убас ақалақь агәаҿы аихагыла ҳаракқәа рахь ихамлар алшоит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Лечкоп аҳаблаҿ аӡымҩангага аремонт азура ахьымҩаԥырго азы Аҟәа ақалақь араионқәак рҿы уаҵәы аӡы ҟалаӡом ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал" апресс-маҵзура.

"Аӡы ҟалом Аҟәа ақалақь араионқәа: Ажәытә ҳабла, Колос, Адыгаа рымҩа, ВИЕМ иахьаҵанакуа, Иашҭхәа, иара убас ақалақь агәаҿы аихагыла ҳаракқәа рахь ихамлар алшоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Лаҵара 28 асааҭ 00:00 инаркны 21:00 сааҭ рҟынӡа аӡы аанкылахоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.