"Аԥснытәи аурысцәа руаԥшь" рџьынџьуаа ацхыраара рырҭеит

Шәи акы фатәеидкыла роуит Аҟәа ақалақь, Аҟәеи, Очамчыреи, Гәдоуҭеи, Гәдоуҭеи араионқәа рҿы инхо аурыс ҭаацәарақәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. "Аԥснытәи аурысцәа руаԥшь" аилазаареи "Аԥсны иҟоу амшынеиқәатә казақцәа рыри" лаҵара 23-25 рзы Аԥсны инхо 250-ҩык рџьынџьуаа фатәы-жәтәыла ирыцхрааит.

"Аурысқәа рхеилак" аԥара еидкыланы Агәабзиарахьчара аминистрра ианаҭеит

Шәи акы фатәеидкыла роуит Аҟәа ақалақь, Аҟәеи, Очамчыреи, Гәдоуҭеи, Гәдоуҭеи араионқәа рҿы инхо.

Арахь иаҵаркын акоронавирус инадҳәаланы иалагалаз акарантинтә уснагӡатәқәа ирхырҟьаны аԥсҭазааратә уадаҩрақәа ирыниаз ауаа.

Уаанӡа Ауаажәларратә еидгыла "Аԥсны иҟоу аурысцәа руаԥшь" акоронавирус аҿагылараҿы ацхыраара аҟаҵаразы Агәабзиарахьчара аминистрра 9 миллионки 150 нызқьмааҭ ахырԥхьаӡалеит.

Арҭ аԥарақәа рыла иаахәан арыԥҳақәа аҳауарҭарсратә хархәагақәа, арыҩшьыга-ԥсыԥлагаҩагаратә аппарат, амониторқәа, аҳауарыцқьагақәа реиԥш иҟоу амедицинатә хархәагақәа.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>