"Аԥсуа бызшәа арҿиаразы иаԥҵатәын алитературатә бызшәа, еизгатәын хәы змаӡамыз аԥсуа фольклор, аетнографиа, иҭҵаатәын аҭоурых аҭыԥхьыӡқәа, иҿыцӡа доуҳала иҭәы-иԥха иҟаз аԥсуа жәлар рҭоурых макьана қьаад ианымлацызт, аха ҩнуҵҟала ибеиаз абарҭ зегьы цәырган, жәлары ирбо, ираҳауа иҟаҵатәын. Убасҟантәи аамҭаз убри аҭахра рызҭаз Аԥсны аиҳабыра, аҵара змаз, ԥсабаралагьы иҟәышыз, убарҭ аҭакԥхықәра рыдын. "Иахьа ҳара ҳаламгар, уаҵәы иалаго ихәашьыр ҟалоит, иԥсхасҭаитәыр ҟалоит" ҳәа абри еилкааны аус хацыркын. Усҟан аиашазы, иакадемикцәаны иҟамызт урҭ ауаа, аха аҵаулара змаз, агәыбылра змаз, адырра бзиа змаз ауаа аусура иаҿын. Убри азоуп Аԥсуаҭҵааратә институт изалшаз ахықәкы анагӡара. 1935 шықәса рзы иахьатәи аинститут усҟан аԥсуа акультура аинститут ҳәа иҟаҵаны Асовет еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаларҵоит. Уи нахыс акырынтә ахьыӡқәа рыԥсаххьан, аха ахықәкы мыԥсахӡакәа, ажәлар зегьы рыԥсҭазаараҿы мҽхакы рацәала иҟанаҵоз рацәан", - ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсуаҭҵаара актуалтә проблемақәа: раԥхьатәи аҿар рконференциа мҩаԥысит
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт 90 шықәса ахыҵит