Аԥсуаҭҵаара актуалтә проблемақәа: раԥхьатәи аҿар рконференциа мҩаԥысит

© Foto / Айнар Читанава Аԥсуаҭҵаара актуалтә проблемақәа: раԥхьатәи аҿар рконференциа мҩаԥысит
Аԥсуаҭҵаара актуалтә проблемақәа: раԥхьатәи аҿар рконференциа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи актәи рыҭҵаарадырратә конференциа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны иаартын. Ҩымш имҩаԥысло аконференциа хьӡыс иамоуп "Аҭҵаарадырреи аҿари: аԥсуаҭҵаара актуалтә проблемақәа".

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Раԥхьатәи аҿартә конференциа Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы акт 20 шықәса ахыҵра иазкын. Ажәахәқәа рахь ииасаанӡа еизаз минуҭктәи ҿымҭрала дыргәаладыршәеит 95 шықәса дшырҭагылаз зыԥсҭазаара иалҵыз апрофессор, академик Арвелод Ерасҭа-иԥа Кәыпраа.

аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҩӡба Арвелод Кәыпраа изы: ҳарҵаҩы дызхьымӡаз игәҭакқәа анагӡара ҳуалуп

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба ицәажәараҿы иазгәеиҭеит хықәкыла аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи еидызкыло аконференциа аинститут анапхгара раԥхьаӡакәны ишаԥшьнагаз. Иара убас Ашәба иҳәеит аконференциа есышықәса еиԥҟьарада амҩаԥгара хықәкыс ишрымоу.

"Иахьа ара иқәгылоит қәрала имаҷу, аха аԥышәа змоу аҵарауаа қәыԥшцәа реиԥш, раԥхьаӡакәны ажәахәқәа ҟазҵо ҳаспирантцәагьы. Ари дара рзы илшара бзиоуп рдыррақәа раарԥшразгьы, рԥышәа аизырҳаразгьы", - ихиркәшеит Ашәба.

Сасцәақәак раҳасабала аконференциа иалахәын Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз аветеранцәагьы.

Аконференциа амҩаԥгара аидеиа аҵарауаа ҿарацәа рганахьала адгылара шаиуз, насгьы аҭцаарадырра аҿар радыԥхьалара шхымԥадатәиу азгәалҭеит Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор ихаҭыԥуаҩ Наала Касланӡиаԥҳа.

"Аԥсуа ҭҵаарадырра ҩаӡара ҳаракыла аҿиара аиурц азы уи иаҵагылаша аҿар еиҵааӡалатәуп. Иахьатәи аҵарауаҩ қәыԥш – адыррақәа змоу ауаҩы имацара иакәӡам, аха зыҭҵаарадырратә усура абзоурала аидеиа ҿыцқәа аларҵәахо иоуп. Ҳәарада, аҭҵаарадырратә конференциаҿы акритикатә ажәеимдарагьы иаҭыԥзар ауп", - иазгәалҭеит Касланӡиаԥҳа.

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа - Sputnik Аҧсны
Аҳашба: Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантура аҟны анапхгаҩцәа ҳазхаӡом

Анаҩс ихацыркын ажәахәқәа фба рыла ишьақәгылаз апленартә еилатәара, аамҭа излаҳәоз ала досу иман 15 минуҭ иҭҵаарадырратә усумҭа аконференциа алахәылацәа дырдырразы. Атема иадҳәаланы ицәырҵыр ауаз азҵаарақәа ирзоужьын даҽа хә-минуҭк.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба иқәгылара Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы акт 20 шықәса ахыҵра иазкын. Аҭоурыхҭҵааҩ ари атема дахцәажәо, иазгәеиҭеит 1999 шықәсазы, жьҭаара 12 аҽны ирыдыркылаз акт, ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых аҟны иҿыцу аетап аҳасабала ишахәаԥшлатәу. Иара убас Аҩӡба инарҭбааны дрылацәажәеит акт адкылара иаԥхьанеиуаз ахҭысқәа, уи иамаз аполитикатә ҵакы уҳәа, атема акәша-мыкәша иҟаз азҵаарақәагьы.

Аҵарауаа рыбжьара азҿлымҳара ду шьҭнахит Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәша алаборант Асҭанда Аҳәԥҳаи, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы Лиубов Цәеиԥҳаи ишьҭырхыз азҵаара. Урҭ ртема иахьӡын "Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа аҳәынҭқарратә бызшәа аӡыргашьа".

Аҭҵаамҭа авторцәа адунеитә ԥышәа иазааҭгыланы рыӡбахә рҳәеит аныӡаара амҩа иану абызшәақәа, иара убас ҿырԥштәыс иааргеит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа абызшәақәа ртема ала иҭырҵаахьо аматериал. Анаҩс аконференциа алахәылацәа идырбан Аԥсны аҳҭнықалақь – Аҟәа ахаҿра аарԥшраҿы аҭыԥ змоу адҩыларатә ӷәқәа.

"Зынӡа иҭҵаан 160 нҩыларатә ҭӡы. Анҩыларақәа рҿы иаҳԥылоит бызшәак, ҩ-бызшәак, х-бызшәак рхархәара. Урҭ иаҳдырбеит аԥсуа бызшәазы иаԥҵоу азакәан шеилагоу. 17, 18-тәи ахәҭаҷқәа рҟны ишазгәаҭоу ала анҩыларақәа рҿы аҳәынҭқарратә бызшәа аԥыжәара амазароуп. Ҩ-бызшәак, мамзаргьы х-бызшәак ахархәара ахьрымоу адҩыларақәа рҿы аԥсышәала иҩу ашрифт еиҳазароуп, аха ҳақалақь аҩныҵҟа иҟоу адҩыларақәа хыԥхьаӡара рацәала ари азакәан иқәныҟәаӡом. Аԥсуа бызшәа ишахәҭоу еиԥш ахархәара ахьамоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыдҩыларақәеи амҩақәа рыхьӡқәеи рҟны ауп", - лажәахә аҟны илҳәеит Асҭанда Аҳәԥҳа.

Апленартә еилатәара анхыркәшаха аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи актәи рыҭҵаарадырратә конференциа асекциақәа ҩба рыла аусурахь ииасит. Актәи асекциаҿы ирылацәажәон аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи. Аҩбатәи асекциаҿы: абызшәа, алитература, афольклор.

Аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи актәи рыҭҵаарадырратә конференциа хыркәшахоит жьҭаарамза 11 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0