АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа апресс-маҵзура аацҳамҭала лаҵара 28 рзы Аԥсны АКХ аҿы ашәҟәы иҭагалоуп Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 аҟны депутатс Ҭемыр Абесалом-иԥа Беиа икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ.
Абас ала, Аԥсны АКХ аҟны адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьбатәи агәыԥ ҭарҩит.
Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба ҭарҩит лаҵара 26 рзы: Гәдоуҭатәи алхырҭатә округ №18 аҟынтәи ашәҟәы дҭагалоуп Асҭамыр Ахба, Кындыӷтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №31 аҟынтәи – Гарри Кокаиа.
Адырҩаҽны ашәҟәы иҭагалан Ҭамаз Леиба икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ (Бзыԥтәи алхырҭатә округ №10).
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз аҭыԥқәа ԥшьба рахь: уаанӡатәи атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь рҭыԥқәа рҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҩбатәи атур иазхәыцны: Аԥсны АКХ адепутатцәа ралхра иадҳәалахо ахарџьқәа аԥхьаӡеит