"Ажәлар ишахәҭоу зегьы ҟарҵеит. Рхы рыхьчеит, рҭаацәагьы рыхьчеит, аха ачымазара наҟынтәи иааргоит. Ҳара ҩымз хҽыхьчаны аҩны ҳазтәаз убри азы акәызма, нас ҳдырчмазаҩырц? Аҳәааҿы ицо-иаауа ирхылаԥштәуп. Иахәаԥштәуп. Сара схәыҷгьы Аԥсны анҭыҵ дыҟоуп, бмаан ҳәа ласҳәеит. Ачымазара шаҳхаагаз агәра ҳгаанӡа иҳачҳароуп аныҟәарақәа. Еилкаауп аԥсшьаҩцәа маар аекономика ҳзыҟаҵаӡом, аха уигьы ҭакԥхықәрала ҳазнеироуп. Ҭырқәтәылагьы ирыдыркылеит ауаҩы дшычмазаҩым ала ашәҟәы имазар шакәу атәы зҳәо аԥҟара, аха уигьы шыҟарҵо еилкаам. Шаҟа агәрагара алшои убри ақьаад, убригьы зҵаароуп. Аҳәаа аҭагылазаашьа рԥсыҽтәуп, уи азҵаара ҳмыӡбар, ҳекономика аҭагылазаашьа даара ихьанҭахоит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Багаҭелиа "Кәыдры" азы: акарантин ашьҭахь ҭакԥхықәрала аҽазыҟаҵарақәа ҳрызнеироуп
Аԥсны атуризм азы аминистрра заанаҵтәи аҿаҵарақәа еилагароуп ҳәа ахнаҳәааит