Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа раԥхьаӡа акәны лаҵара 26 рзы идикылеит рхатәы зҵаарақәа рыӡбаразы изнеиз атәылауаа.
"Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа еиҭа ихациркит 2005 шықәса раахыс традициа бзианы иҟаз ауааԥсыра рхатә зҵаарақәа инарыдҳәаланы рыдкылара. Иааиз ауаа рхыԥхьаӡара 15-ҩык инарзынаԥшуан. Дара уи аԥхьа аҳәынҭқарра ахада иадминистрациа аусмҩаԥгарҭаҟны арзаҳалқәа нрыжьхьан. Аиԥылараҟны аҳәарақәа раӷьырак абзазаратә проблемақәа, аҟазацәа ҿарацәа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара ирызкын. Иҟан ауаажәларратә ҵакы змаз азҵаарақәагьы. Даагозар, Пицундантәи аҳақьым ахәышәтәырҭа аиҭашьақәыргылареи финансла ацхыраара аҭареи рызҵаарақәа шьҭихит. Аԥсны ахада зегьы зҿлымҳарала дырзыӡырҩит. Зҵаарақәак рыӡбаразы иаразнак еиуеиԥшым усбарҭақәак рнапхгаҩцәа адҵақәа риҭеит, егьырҭ зыӡбаразы аамҭа аҭаху азҵаарақәа рзы ацхыраара шыҟаиҵо иҳәеит. Ас еиԥш ауааԥсыра рыдкылара лассы-ласс имҩаԥгалахоит ҳәарада, аха лымкаала ианымҩаԥгахо, насгьы шаҟантә мызкы иалагӡаны макьаназы ишьақәыргылам. Иааиуа амшқәа рзы иӡбахоит, насгьы ажәлар еилыркаауазар акәхап. Аҳәынҭқарра ахада иахь азҵаарақәа змоу арзаҳалқәа аусмҩаԥгарҭаҟны иаанрыжьуеит, рыпроблематика уаҟа еилдыргоит, уи ашьҭахь аҳәынҭқарра ахада идикылоит", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Актәи адкылара: Аԥсны ахада атәылауаа идикылеит
Алхас Ҷолокәуа Аԥсны ахада иҿы иҟоу АИХқәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп