Акоронавирус ҳацны: Аԥсны сынтәатәи ааԥын шымҩаԥысыз

Уажәшьҭа ҩымз инареиҳаны иҵуеит акоронавирус алаҵәара ашәарҭара ахьыҟоу азы Аԥсны аԥкрақәа алагалоуижьҭеи.
Sputnik

Атәылауаа хәыҷы-хәыҷла аҽыԥхьакра арежим иҵыҵуа иалагеит, аха уеизгьы макьана атеатрқәа рахь изҵом, аконцертқәа изырҭаауам.

Атәылаҿы ауаа рацәа реизгара ҟалом, ачараура ҟалом, аха акаҳуажәырҭақәеи аҽырԥшӡарҭақәеи аартуп.

Аԥсны аиҳабыра аԥкрақәа рашәара 15 рҟынӡа ирнахеит.

Аԥсны апандемиа аамҭазы иаԥсҭазаашьоу атәы шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik авидеонҵамҭаҟны.