Алхас Ҳагба кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭаҩуп

АКХ аҿы аҽҭаҩразы аԥшьгаратә гәыԥ еизнагароуп 200 - 250 напынҵамҭа. Аполитикатә партиа АКХ аҿы иҭарыҩуеит, нас уи аизара ду аҿы депутатс иқәнаргыло икандидатуразы аӡбара аднакылоит. Далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп абжьыҭираан еиҳа абжьы зауз акандидат.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 29 – Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хада лаҵара 29 рзы ашәҟәы иҭаргалеит Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 аҟны депутатс Алхас Ҳагба икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ.

Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа

Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба ҭарҩит лаҵара 26 рзы: Гәдоуҭатәи алхырҭатә округ №18 аҟынтәи ашәҟәы дҭагалоуп Асҭамыр Ахба, Кындыӷтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №31 аҟынтәи – Гарри Кокаиа. Адырҩаҽны ашәҟәы иҭагалан Ҭамаз Леиба икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ (Бзыԥтәи алхырҭатә округ №10).

Лаҵара 28 рзы Аԥсны АКХ аҿы ашәҟәы иҭагалоуп Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 аҟны депутатс Ҭемыр Абесалом-иԥа Беиа икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ.

Аԥсны Алхратә комиссиа хада лаҵара 29 рзы ашәҟәы иҭаргалеит Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 аҟны депутатс Адлеиба Џьансыхә икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ.

Аԥсны Апарламент адепутатс дҟалар илшоит дарбанзаалак 25 шықәса ирҭысхьоу, алхратә зин змоу атәылауаҩ. Депутатс иҟалар рылшом зус рыӡбахьоу, аҩыжәреи, арҩашьыгақәеи зыҽрыдызцало ҳәа ишьоу, зыпсихика шьақәҟьоу. Абжьыҭара азин ырмоуп 18 шықәса ирҭысхьоу атәылауаа.

АКХ аҿы аҽҭаҩразы аԥшьгаратә гәыԥ еизнагароуп 200 - 250 напынҵамҭа. Аполитикатә партиа АКХ аҿы иҭарыҩуеит нас аизара ду аҿы депутатс иқәнаргыло икандидатуразы аӡбара аднакылоит.

Алхрақәа мҩаԥысуеит ԥхынгәы 12 рзы: Кындыӷтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №31, Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ хада №18, Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №10, Оҭҳаратәи алхырҭатә ҭыԥ хада №14.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: