АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла иаарԥшын 8 572 коронавирустә хҭыс ҿыц 84 регион рыҟны ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы аоперативтә штаб.
Иаарԥшыз апациентцәа рахьтә 39,4% ачымазара шрылоу рызгәамҭакәа имҩасуеит.
Уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус змаз 1232-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 8 264-ҩык. Апандемиа ааҟалеижьҭеи Урыстәыла иахьаҵанакуа 4 374-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара ҭышәынтәалеит 159 257-ҩык.
Москва уахыки-ҽнаки рыла иаарԥшуп 2 332 хҭыс ҿыц. 80% рҟынӡа коронавирус змоу рықәра 65 шықәса еиҵоуп.
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 28-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә жәохәҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>