Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 8 572 коронавирустә хҭыс ҿыц азгәаҭоуп

© Sputnik / Татьяна Макеева / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота медиков с больными COVID-19 в Тверской областной клинической больнице
Работа медиков с больными COVID-19 в Тверской областной клинической больнице - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла иахьаҵанакуа 387 623-ҩык акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит арегионқәа 85 рыҟны.

АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла иаарԥшын 8 572 коронавирустә хҭыс ҿыц 84 регион рыҟны ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы аоперативтә штаб.

Иаарԥшыз апациентцәа рахьтә 39,4% ачымазара шрылоу рызгәамҭакәа имҩасуеит.

Уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус змаз 1232-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 8 264-ҩык. Апандемиа ааҟалеижьҭеи Урыстәыла иахьаҵанакуа 4 374-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара ҭышәынтәалеит 159 257-ҩык.

Москва уахыки-ҽнаки рыла иаарԥшуп 2 332 хҭыс ҿыц. 80% рҟынӡа коронавирус змоу рықәра 65 шықәса еиҵоуп.

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 28-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә жәохәҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0