Аԥсны азакәанԥҵара анагӡашьа ахылаԥшразы аусбарҭа аиҳабы дарҭеит

Алексеи Аҩардан Арратә прокурор ихаҭыԥуаҩыс дахьыҟаз аҟынтәи ихы дақәиҭтәны аҽа усурак ахь диагоуп.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Аԥсны азакәанԥҵара анагӡашьа ахылаԥшразы аусбарҭа аиҳабыс дарҭеит Алексеи Аҩардан ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Абри азы аусдҵа инапы аҵаиҩит Апрокурор хада Адгәыр Агрба лаҵара 28 рзы.

Алексеи Аҩардан диит жьҭаара 29, 1977 шықәса рзы Аҟәа. Ашколи аинститути дрылгеит Макеевка, Украина.

Апрокуратура аусбарҭақәа рҟны аус иуеит 2001 шықәса раахыс. Аԥхьа аусҭҵаара еиҳабыс, нас – аҵак ҷыдатә усҭҵааҩыс.

2007 шықәса рзы Аԥсны Арратә прокурор ицхырааҩ хадас дҟаҵан, 2019 шықәса рзы – арратә прокурор ихаҭыԥуаҩыс.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: