Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтә ааҩык акурсантцәа ргәы бзиаханы илҩаауп

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә чымазара амазааразы агәаҭара иахысит 51-ҩык ауааԥсыра, аҿкы уаҩы идбаламызт.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik. Ааҩык акурсантцәа Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҟынтә илҩаан акоронавирустә чымазара аҟынтә рыхәышәтәра аамышьҭахь. Абри азы адырра ҟанаҵоит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Александр Анқәаб: "Аиҭар" аҿы акарантин аилагара иахҟьаны COVID-19 алаҵәеит

Аҟәатәи асасааирҭаҿы 14 мшы инаӡоз хымԥадатәи акарантин ахгара ашьҭахь рыҩныҟақәа иушьҭын ҩыџьа акурсантцәеи амедицинатә усзуҩи.

Иахьазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп COVID-19 змоу хҩык ачымазцәа.

Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус рыдбалан 28-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 23-ҩык бзиахахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыҳьар ҟалоит абра>>