"Акарантин аамҭа ыҟоуижьҭеи излаҳалшо ала аус аауеит, ҳахәаԥшыҩцәа ргәы ҟаҳҵарц ҳҭахуп. Онлаин аформат ала аус аауеит. Иазыӡбан ахәыҷқәа рымш аҽны идҳарбарц ҩ-спектакльк, "Лабаҷашьи" "Ҷыҟәрышәи". Арҭ ақәыргыламҭақәа даара азҿлымҳара рыман, 15-нтә идҳарбеит, азал зегьы ауаа рыла иҭәын. "Ҷыҟәрышә" – ахәыҷқәеи адуцәеи еизеиԥшны иргәаԥхоит. Абзиабара иазкуп. "Лабаҷашь" акәзар, уа ихәмаруеит атеатралтә студиа "Нарҭ" аҵаҩцәа. Ари ақәыргыламҭа иахәаԥшыр зҭахыз зегьы ирылымшеит, фынтә идҳарбеит, аха еиҭа агәаҳәара змоу ыҟоуп. Зегьы иргәаԥхоит, уажәы избогьы иргәаԥхап ҳәа сақәгәыгуеит. Иҟаҳҵоит ишиашоу ицо аефир YouTube канал аҿы Аԥсуа театр аҟынтә. Қәыргыламҭак ҟалоит асааҭ 12:00 рзы, егьы ахәылбыҽха асааҭ 19:00 рзы. Ахәыҷқәа шьҭалаанӡа ргәы ҟаҳҵарц ҳашьҭоуп", - ҳәа азгәалҭеит Ҭыжәԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: