"Хымԥада, уажәы зегьы акоронавирус иалацәажәоит, аха ҳаԥсҭазаара зегьы уи иахҭнаҳҵо иҟаӡам. Адунеи аҿы иҟалахьеит ус ачымазарақәа, аха ауаҩытәыҩса еиқәхеит, аԥсуаагьы ҳаиқәхоит. Ҳгәы иҭеижьҭеи акрааҵуан ари апроект адәықәҵара, уажәы иара аамҭа ааит, асценаҿы аус ҳзуӡом азы "Арадиотеатр" мҩаԥаагоит. Аԥсуа театр аҭоурых ду амоуп, узлацәажәаша даара ирацәоуп. Раԥхьатәи слекциаҿы аԥсуа театр ахыҵхырҭа ҳалацәажәон. Анаҩс еиҭа аспектакльқәа, актиорцәа, арежиссиорцәа уҳәа еиҭаҳҳәаша рацәоуп. Хазы иҟаҳҵар ҳҭахуп аԥсуа поезиа иазкны, ҳактиорцәа даара ибзиан иаԥхьоит, аԥышәа бзиа рымоуп. Абасала, асцена ҳақәлаанӡа ҳтеатр акультура ҳалацәажәалоит", - еиҭеиҳәеит Ҷанба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсуа драматә театр апроект "Арадиотеатр" аусура иаланаргеит
Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>