АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. 50-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра гәаҭан акоронавирус рымоу ирымаму ҳәа иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
"Рашәара 1 азтәи аҭагылазаашьа абас иҟоуп: иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы игәаҭан 56-ҩык ранализқәа, урҭ зегьы ршьа акоронавирус шаламыз шьақәыргылан", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны ишьҭоуп 3-ҩык апациентцәа, урҭ зегьы ирзышьақәыргылаз акоронавирустә инфекциаҟынтәи ирхәышәтәуеит.
Акоронавирус азы апандемиа ааҟалеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа 28-ҩык ари аҿкы чымазара рыхьхьеит. Урҭ рахьтә 23-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>