NASA Адгьыл ишәарҭоу астероид шазааигәахо азы адырра ҟанаҵеит

Адгьыл азы ишәарҭоу астероид аҭбаара 250—570 метра иҟоуп. Зегь раасҭа иара адгьыл иазааигәахараны иҟоуп асааҭ 06:00 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik. Адгьыл азы ишәарҭоу астероид 163348 (2002 NN4) асабша Адгьыл иазааигәахоит ҳәа аҳәоит НАСА асаитқәа руак аҿы.

Зегь раасҭа иара адгьыл иазааигәахараны иҟоуп асааҭ 06:00 рзы.

Убри аан иара апланета иаахап ҳәа азгәарҭом, избанзар Амза аорбита аасҭа 13-нтә ихарахоит.

Астероид гәаҭан 2002 шықәса рзы. Иара Амра зныктәи акәшара 300 дгьылтә уахи-ҽни иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: