"Аҭагылазаашьа зынӡаск имариаӡам, уи ажәларгьы еилыркаар ҳҭахуп. Иаҭахуп ахеиҷаҳареи аҟәышреи. Актәи, зегь реиҳа ихадоу азҵаара - аҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы, аус зуа ауаа ауалафахәы роуа иҟаҵалатәуп. Уи аҳәынҭқарра ахахьы иагароуп, уи иалнаршароуп. Ари ашықәс даара иуадаҩу шықәсуп, ҳӷыҵысны ҳанцалак ауп, ҳаԥхьаҟатәи аплан ахь ҳаниасша. Ара цәыӡда хысшьа ыҟаӡам, убри аҟнытә ихадароу ауалафахәоуп. Иахәҭам ахарџьқәа рныхра аанкылатәуп, иркьаҿтәуп. Абуиџьеҭ аганахьала асеквестирование ҳәа изышьҭоу ҟаҵатәыс ирықәшәоит ҳәа агәаанагара сымоуп. Зда ԥсыхәа ыҟам ахарџьқәа зегьы закәанла ихьчоуп, урҭ ирныԥшӡом уи, аха иҟоуп закәанла ихьчамгьы, иаҳҳәап, аконференциақәа, аконцертқәа рымҩаԥгара, ачынуаа Аԥсны анҭыҵ рныҟәарақәа уҳәа, урҭ зегьы ркьаҿтәхоит", - ҳәа иҳәеит Кәыбраа.
ААУ амилаҭтә економика акафедра аиҳабы иажәақәа рыла, Аԥсны аекономика иацхраатәуп, аԥхьа иргыланы ашәахтәқәа рганахьала ирԥсыҽтәуп ақәыӷәӷәара
"Аизгақәа маҷхоит хымԥада, усҟан, аха абиуџьеҭгьы зламаҷхо ала урҭ хеибарҭәаауеит. Ашәахәтәқәа реизгараҿы ақәыӷәӷәара ҳарԥсыҽуазар, аҭакԥхықәра еиҳа иҳарӷәӷәароуп. Анаплакҩы ианаамҭоу имшәар ашәахтә, усҟан ахараԥса идҵазароуп. Акризис ашьҭахь иаҳа-иаҳа ирацәахароуп ашәахтәқәа зшәо. Ҭоурыхла уи ус иҟоуп. Ажәлар кны иҟоуп, уажәы аԥкра аамҭа иҭагылоуп, аха азин анроулак аусура еиҳаны ицоит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыбраа.
Иаҳа инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Кәыбраа аҿкы аекономика ианаҭо анырразы: мызкала еилгар, ҳаиааиуеит
Аҟәа ахада амуниципалтә хыбрақәа қьырала измаз абизнесуаа аԥарашәараҟынтә рхы иақәиҭитәит