Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыбраа аҿкы аекономика ианаҭо анырразы: мызкала еилгар, ҳаиааиуеит

© Foto / предоставлено Бесланом Кубрава Беслан Кубрава
Беслан Кубрава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ААУ "Амилаҭтә економика" акафедра аиҳабы, адоцент Беслан Кәыбраа арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит иахьа адунеи аҟны зымҽхак ҭбаау аҿкытә чымазара аекономика ныррас ианаҭо атәы.  
Кәыбраа аҿкы аекономика ианаҭо анырразы: мызкала еилгар, ҳаиааиуеит

"Аԥхьаҟатәи ҳаԥсҭазаара даара иадҳәалоуп шаҟа аамҭа ачымазара ҿкы ыҟазаауа. Мызкала еилгозар, акурорттә аамҭа ҳхы иаҳархәар ауеит аҭагылазаашьа ҳаиааиртә еиԥш. Урыстәыла инхо аԥхын рыԥсы ршьароуп, мызкала аҭагылазаашьа еиӷьхар, иҳадаҳкылоит. Уи аԥсшьаҩцәа рыдагьы ақыҭанхамҩа азҵаара хадароуп. Ааԥынра зегьы анхаҩы ддәылымҵӡакәа, адгьыл дмықәаарыхкәа ицар, даара ауадаҩра ацуп, ҳәарада. Убасгьы абиуџьет аԥара злаҭалои, ауаа аус рзымуазар. Убри аҟынтәи даара ҳазхәыцны, иахьынӡалшо аҭагылазаашьа ҳацныҟәароуп. Ҳбиуџьет  хә-миллиаирдк рҟынӡа ыҟан арҭ ашықәсқәа рзы, уи аҟынӡа ҳзымнеиргьы ауеит ҩымз-хымз аҳәынҭқарраҟны аусура анзыҟамла, убри аҟынтә инаҳхуагьы даҽакала ҳахәаԥшыр акәхоит. Аамҭа бзиа аныҟоуи ианыуадаҩуи, хымԥада, аԥсҭазаара еиԥшӡам, убасгьы ҳастратегиатә ҩыза Урыстәыла ҳаилыркаап ҳәа агәаанагара сымоуп. Егьа ус акәзаргьы, ари ашықәс ауадаҩрақәа рацәаны иацуп", - иҳәеит Кәыбраа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0