Агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Адлер" аҿы даанкылоуп ахәшәқәа "Алирика" ыиазгоз ауаҩы

Анырра ӷәӷәа ҟазҵо ахәшәқәа рконтрабандазы (Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 226.1) Урыстәыла атәылауаҩ быжьшықәса рҟынӡа ҭакрала ихигарц иқәырҵар ҟалоит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Адлер - автомҩатә" ашьаҟауаа рыиасырҭаҟны Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы даанкылан Урыстәыла атәылауаҩ, уи идбалан анырра ӷәӷәа ҟазҵо ахәшәқәа рацәаны, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә иатәу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура иаҵанакуа Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

"Хаҭалатәи игәаҭараан Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ имаҭәақәа ишрылаз рбеит ахәшәқәа згәылаз аполимертә еилаҳәара. Ахимиатә експертиза ианарбеит урҭ амаҭәашьарқәа "Лирика" ҳәа ззырҳәо апрегабалин шакәыз", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны. 

Аурыс-аԥсуаа ҳәаа иахыганы контрабандала анырра ӷәӷәа ҟазҵо ахәшәқәа риагаразы ари атәылауаҩ иганахьала ашьаус хацыркуп.

Агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Адлер" аҿы даанкылоуп ахәшәқәа "Алирика" ыиазгоз ауаҩы

Анырра ӷәӷәа ҟазҵо амаҭәашьарқәа ршәагаақәа ртаблицаҟны иарбоу асиа инақәыршәаны, атәылауа имхыз ахәшәқәа зышәагаа дуу ҳәа ишьоуп ҳәа азгәарҭеит АфШәМ (ФСБ - аред.) Аҳәаахьчаратә усбарҭаҟны.