АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Агәыԥсахра иазыԥшу Олег Бушев Урыстәыла атәылауаҩра иоуит ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит Олег иан Светлана Бушева.
"Атәылауаҩшәҟәы анҳарҭоз ныҳәак иаҩызан. Урыстәылатәи ателеканалқәа ржурналистцәа алахәын. Уажәшьҭа ҳаҽҭаҳаҩуеит, аполиклиникаҟынтә ашәҟәқәа еидаҳкылоит, абри ашьҭахь Бакулев ихьӡ зху Агәи-адеи рзы аинститут аҿы ҳнеиуеит. Олег уажәы ихы цәгьамкәа ибоит", - еиҭалҳәеит лара.
Олег Бушев – Аҟәатәи аиндустриалтә коллеџь дастудентуп. Даныхәыҷыз адиагноз ДЦП изықәдыргылт, аха иҩызцәа акала дреиԥшымкәа дыҟамызт.
2019 шықәса лаҵарамзазы игәабзиара шьақәҟьеит. Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы ица ихьуеит ҳәа игханы адиагноз ықәдыргылеит, убри азгьы ииашамкәа дырхәышәтәуан. Аамҭақәак рышьҭахь ауп ианышьақәдыргыла иара игәы акыр иазҳаны ишыҟаз, адилатациатә кардиомиопатиа шимаз.
Иара ара ихәышәтәра залшомызт. Бакулев ихьӡ зху Аинститут аҿы агәаҭара дахыжьын. Уа угәы ԥсахтәуп рҳәеит, аха иара Урыстәыла атәылауаҩра ахьимамыз азы асеиԥш аоперациа изыҟарҵомызт.
Аҭагылазаашьа адгылара арҭеит усҟантәи атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа.
Апроблема иазхьаԥшит иара убасгьы Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра. RT имҩаԥнаго апроект "Не один на один" аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраара ауит Олег аамҭа кьаҿла урыстәылатәи атәылауаҩра иоурц азы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Олег Бушев иан Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы лоуит
Аргәын Бушев Олег ицхырааразы аукцион алахәхаразы: адунеи аҵыхәаҿ инхогьы илшоит