Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абомба аҵоуп ҳәа аҭел ианас ашьҭахь игәарҭоит

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа, Ашәарҭадаратә маҵзура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра русзуҩцәа Ацҳаражәҳәарҭа иахьаҵанакуа аԥшаарақәа ирҿуп абомба аҵоуп ҳәа аҭел ианас ашьҭахь.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа, Ашәарҭадаратә маҵзура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра русзуҩцәа Ацҳаражәҳәарҭа иахьаҵанакуа аԥшаарақәа ирҿуп ҳәа аанацҳауеит Sputnik.

Ацҳаражәҳәарҭа аҵакыраҟынтә иқәыргоит игылоу амашьынақәа, ауаа ахыргоит.

Иофициалым аинформациала абомба аҵоуп ҳәа иҟоу адырраҭара мцуп.

Аидгылара амҩа Ацҳаражәҳәарҭа иахьаԥну аныҟәара аанкылоуп.