Аԥсны АШәМ аусзуҩцәа дааныркылеит ашьҭазаара зхалаҳәаз Урыстәыла атәылауаҩ

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҟны аԥшаара мҩаԥысуан урыстәылатәи азинхьчаратә усбарҭақәа иҟарҵаз азыҳәарала.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа дааныркылеит ашьҭазаара зхалаҳәаз Урыстәыла атәылауаҩ Мурад Мурадиан. Абри атәы аанацҳауеит АШәМ асаит.

Шәача иалҵыз атәылауаҩ Мурадиан даанкылан Гәылрыԥшь араион Ԥшьаԥ ақыҭан, рашәарамза 5 рзы.

Иаанкылаз ишьҭан Урыстәылатәи Афедерациа Ашьауӷатә кодекс ахәҭаҷқәа ҩба "Анапхыцәгьара", "Аӷьычра" рҟны иарбоу ацәгьоурақәа рыҟаҵаразы.

Иаанкылаз, азакәан ишаҳәо ала, Урыстәылатәи азинхьчаратә усбарҭақәа дрыҭан.