Арадио

Хәарцкьиа: Гәымсҭа ақыҭан аԥсуа школи ахәыҷбаҳчеи ҳҭахуп

Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭа ахада Нурбеи Хәарцкьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир ала ицо арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭауаа рыбзазашьа зеиԥшроу, уадаҩрас ирымоу, зыӡбара аҭахны иҟоу аӡҵаарақәа ҳәа иқәдыргыло.
Sputnik
Хәарцкьиа: Гәымсҭа ақыҭан аԥсуа школи ахәыҷбаҳчеи ҳҭахуп

"Аԥсны уадаҩра змам ақыҭа ыҟаӡам. Аԥхьа иргыланы, ақыҭа аҩнуҵаҟа иҟаҵатәу амҩақәа рацәоуп. Гәымсҭа ақыҭаҟны аԥсуа школ ҳамаӡам, аерман школ заҵәык ауп. Ақыҭаҟны инхо иқәдыргыло азҵаарақәа иреиуоуп ари. Уаанӡа еиҳарак атәым милаҭ ракәын инхоз ақыҭаҟны,аха ҳаибашьра анаҩс инхоит ҳмилаҭ. Ари азҵаара араион анапхгара рҿаԥхьа хәбаҟа-фбаҟа шықәса ҵуеит иқәгылоижьҭеи, аха макьана аӡбашьа ҳәа акгьы ыҟам. Ақыҭаҟны инхо 2 500-ҩык иреиҳауп. Аус ахьыруа атәы ҳҳәозар, иҟоуп "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" иртәу аӡахәаҭра, ԥытҩык уаҟа аус руеит, иара убас абылтәыҭаҭәарҭаҟны аус зуа ыҟоуп, егьырҭ – рынхамҩақәа рҟны. Еиуеиԥшым азанааҭқәа змоу аҳҭнықалақь аҿы аус зуа ыҟоуп. Атранспорт аганахьала уадаҩра ыҟаӡам, ибжьоуп. Даҽа зҵаарк ауадаҩра цәырзго – ахәыҷбаҳча аҟамзаара ауп. Ақалақь аҟны аус зуа рхәыҷқәа ахәыҷбаҳчахь ианнарго ауадаҩра рызцәырҵуеит, избанзар иахьынхо аҭыԥ ҳәа азҵаара ықәгылоит", – иҳәеит Хәарцкьиа.

Шәазыӡырҩы адио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: