"Ари ақыҭахь усура ҳәа сааижьҭеи шықәсыки бжаки раҟара ҵуеит. Афымцалашара аганахьала уадаҩра ыҟаӡам, аха проблемас иҟоу аԥара амамзаара ауп. Ақыҭауаа атәанчахәы рымам, ироуазаргьы зынӡа имаҷуп, ашәахтәқәа рзы ианнеиуа иҳамаӡам рҳәоит, расак ҟаланы ирҭиаанӡа ирԥеиԥшырц ирыҳәоит. Алаҵара, ауҭра аҟаҵара атәы анхацәа раҳәара аҭахӡам, рхала иҟарҵоит. Цхыраарак ҳәа иҟаҳҵо ахәшә Тҟәарчалынтәи иҳарҭеит араса ахәшәтәразы 20 литра, аха уи рызхом, ҳақәдыргәыӷит ԥыҭрак ашьҭахь иҵегьы шәзоуҳажьуеит ҳәа. Ақыҭаҟны иахьазы 160 ҭӡы нхоит, егьырҭ зегьы ықәҵхьеит. Иаанхаз аиҳарак абыргцәа роуп, иҟаҳҵои ҳәа иашшуеит, атәылауаҩшәҟәы ҳамам, акгьы ҳзыҟаҵом ҳәа. Оқәым ақыҭа акәзар, ишыздыруа ала, 18 ҭӡы ықәҵны ицахьеит аҿарацәа рҭаацәа. Атәылауаҩшәҟәы аиура уадаҩуп, аиразы аршаҳаҭга змамгьы ыҟоуп. Аӡәы Жәыргьыҭынтәи аԥҳәыс дааигеит, араҟа дизҭаҩӡом. Ашкол ахь иныҟәо маҷуп, актәи акласс аҟны ҩыџьа тәан. Аӡәы ихәыҷы Оқәым дигеит, ҽаӡәы Гал дҭеиҵеит, егьи Аҽгәара иаадыртыз ашкол ахь дцеит. Ақыҭаҟны 12-ҩык ахәыҷқәа ашкол иҭоуп. Уи апроблема ҳалацәажәон. Тҟәарчал ахадеи ҳареи аиԥылара ҳаман, иамуӡар, ахәыҷқәа ма Оқәым, мамзаргьы Аҽгәараҟа ицо иҟаҳҵоит иҳәеит. Арҵҩцәа рныҟәгареи иҭоуи рхыԥхьаӡара иахәаԥшуеит. Ашкол аркра мариоуп, аартра ауп ицәгьахо. Ақыҭауаа рырахә-рышәахә ауп иахьа хныҟәгагас ирымоу, рыҷкәынцәа Аҟәа, Гагра досу иахьрылшо аус руеит", - иҳәеит Амҷба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Кәарҷиа: Тҟәарчал ҷыдала азнеишьа зҭаху қалақьуп
-
Бигәаа Агәыбедиа анхацәа рзы: ақыҭа аанзыжьуа раасҭа ихынҳәуа еиҳауп
-
Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит Лашькындар иахьа абзазашьа зеиԥшроу атәы