АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахаҭарнакцәеи иареи еиԥылеит ҳәа аанацҳауеит ипресс-маҵзура.
"Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахада Виссарион Аԥлиа ҭабуп ҳәа ахиҳәааит атәыла ахадеи дареи реиԥылара ахьалыршахахз", - аҳәоит асаит адырраҭараҿы.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит "ауахәама аҵак ду аманы ишыҟоу атәылауаҩи аҳәынҭқарреи рзы", иазгәеиҭеит иусураҟны анцәахаҵаҩцәа рзинқәа хымԥада азхьаԥшра шеиҭало.
"Ари акраҵанакуеит, избанзар доуҳада ауаҩытәыҩса ихаҭара зышьақәгылом", – иҳәеит ахада.
Биссарион Аԥлиа Аслан Бжьаниа ҳамҭас ииҭеит аԥшьа Симон Канатәи ихаҿы зну аныхачаԥа, Москвеи Урыстәыла зегьи рпатриарх ихьӡалатәи амзар, анапылалых ахьтәы џьар.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: