АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Урыстәыла аҳәаақәа аанартраны иҟоуп аҽыхәышәтәразы, аҵаразы, аусуразы ицо иара убасгьы зыуацәа ирхылаԥшраны иҟоу ауаа рзы. Абри атәы иҳәеит аԥыза-министр Михаил Мишустин COVID-19 аҿагыларазы аштаб апрезидиум аилатәараҿы.
Мишустин иара убасгьы иҳәеит аҳәаанырцәуаа Урыстәыла иалалар шауа амедицинатә хықәкқәа рзы.
Абри азы ақәҵарақәа напы рыҵаҩуп ҳәа иҳәеит иара.
Рашәара 15 рҟынӡа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь рҭалара ԥкуп атәылауаа ркатегориақәа зегьы аԥсуа-аурыс аҳәынҭқарратә ҳәаа аужьратә пунктқәа рыла абарҭ акатегориақәа аалхны: Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитациа змоу адипломатиатә усҳәарҭақәа русуҩцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аррамаҵзуҩцәа, Еиду урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа; жәларбжьаратәи аидарақәа мҩанызго атранспортқәа рныҟәцаҩцәа, аидаратә дәыӷбақәа рныҟәцаҩцәа.
COVID-19 ахьыҟоу атәылаҟынтә иаауа ахаҿқәа 14 мшы аҽыԥхьакра иахысроуп.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>