Шәачаа 38 градус ашоура ҟалоит ҳәа рыларҳәеит

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, иахьатәи амш ала акурорт аҿы аҳауа +38°C иҟалоит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Шәача ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ашоура ӷәӷәа рзыԥшуп ҳәа аҳәоит ақалақь ахадара асаит.

"Аиқәырхаҩцәа аҳәара ҟарҵоит ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи аӡы рацәаны иржәларц, адәахьы аамҭа рацәаны ирхырымгаларц", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы Аилак агидрометеорологиа аҟәша адыррақәа рыла, ашәахьаҽны Аԥсны иахьаҵанакуа аҳауа +31°С иҟоуп, амшынӡы аҟәандара +20°С.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: