АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны акоронавирус азы игәаҭан 31-ҩык атәылауаа, урҭ рахьтә аӡәгьы COVID-19 шиламыз шьақәырӷәӷәан. Абри атәы аанцҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
"Иахьа асасааирҭа "Аиҭар" аҟны аобсервациа иахысуаз рахьтә 25-ҩык аҩныҟа иоурышьҭуеит, урҭ зегьы АШәМ аганахьала акрусантцәа роуп", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Аԥсны авирус зыдбалоу рхыԥхьаӡара 36-ҩык ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи ааҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп, 27-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Аԥсны акоронавирустә инфекциазы игәарҭоит аҳәаа иахыҵны иааз ауааԥсыреи COVID-19 асимптомқәа иреиԥшу змоу атәылауааи.
Урыстәыла COVID-19 рыхьхьеит ҳәа иаарԥшуп 467 нызқьҩык ауааԥсыра.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>