Ахԥатәи аԥсыҭбара: Шәача акоронавирус злаз даҽаӡәы дыԥсит

Апациент акоронавирус идбалан лаҵара 28 рзы. Аҩбатәи амш инаркны ирыԥҳақәа аҳауа рҭадырсуан аҿкыратә хәышәтәырҭа №2 аҟны.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. Адиагноз акоронавирус змаз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит шәачатәи ахәышәтщырҭаҿы. Ари COVID-19 иахҟьаз ахԥатәи ԥсыҭбароуп ақалақь аҿы ҳәа аанацҳауеит атәылаҿацә аоперативтә штаб.

Иара 67 шықәса ихыҵуан, дыԥсит аҿкы чымазарақәа рхәышәтәырҭа №2 аҟны. Ачымазаҩ ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра иман.

Иара уаанӡа агәыхь имуан. Ақалақь аҿы ари ахԥатәи ԥсыҭбароуп. Зынӡа Ҟәбан иахьаҵанакуа рыԥсҭазаара иалҵит 47-ҩык акоронавирус змаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: