АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла иаарԥшын 8 404 коронавирустә хҭыс ҿыц 83 регион рыҟны ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперативтә штаб.
Иаарԥшыз апациентцәа рахьтә 34,8% ачымазара шрылоу рызгәамҭакәа имҩасуан.
Уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус змаз 216-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 10 386-ҩык. Апандемиа ааҟалеижьҭеи Урыстәыла иахьаҵанакуа 6 358-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара ҭышәынтәалеит 252 783-ҩык.
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 36-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә ааҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп, 27-ҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>