Арадио

Дасаниа еиҭеиҳәеит Мысра аҳәынҭқарратә дача аԥсшьаҩцәа рыдкылара иахьынӡазхиоу атәы

Мысра иҟоу Аҳәынҭқарратә дача аиҳабы Денис Дасаниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥсшьаҩцәа рыдкылара иахьынӡазхиоу, ирызнеиуа идыргаларц ирылшо.
Sputnik
Дасаниа еиҭеиҳәеит Мысра аҳәынҭқарратә дача аԥсшьаҩцәа рыдкылара иахьынӡазхиоу атәы

"Уажәы ишьақәгылаз аҭагылазаашьаан аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы Урыстәыла иҟоу аԥҟарақәа зегьы рынагӡара араҟа ҳазхиаӡам. Аномерқәа иҟоу рацәам, хәба-фба роуп, дара иаауа ирықәҳарӡуеи ахашәалеи ҳаиқәшәаӡом иахьатәи аҭагылазаашьаан (акоронавирустә пандемиа азы иҟоу аԥкрақәа - аред.). Аҭыԥантәи ауаа изылшо ԥсшьара рааразы уадаҩра ыҟам", - иҳәеит Дасаниа.

Иара еиҭеиҳәеит ауаа ирыдыргало, уахыки-ҽнаки адачаҟны аангылара шаҟа мааҭ иаԥсоу атәы.

Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҟны. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: