АҞӘА, рашәара 11– Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа иқәдыргылараны иҟоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аантәи авиаторцәа-афырхацәа рбаҟа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит астратегиатә коммуникациақәа рзы Аԥсны ахада ицхырааҩ Ренат Қарчаа.
Иара иажәақәа рыла, аидеиа цәырҵит аҭыԥантәи аԥсыӡкыҩцәа Амшынеиқәа акваториаҿы Аибашьра ду аантәи аҳаирплан авинт анырыԥшаа ашьҭахь.
Авинт наган Ахьӡ-аԥша амузеи ахь. Авинт аномер ала еилкаахеит аҳаирплан Гәдоуҭа игылаз аҳаиртә ҟәша ишатәыз. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра архивтә материалқәа рыла ишьақәыргылахеит аԥырҩы ихаҭара. Николаи Сиков данҭахоз 21 шықәса ракәын ихыҵуаз. Усҟан иара 36-нтә дԥырны аӷа дихалахьан, анемец ҳаирпланқәа 6 каижьхьан. Абираҟ ҟаԥшь аорден ианашьан.
"Николаи Сиков идҵа нагӡаны Аҟәантә Гәдоуҭатәи арратә аеродром ахь дхынҳәуан. Данышьҭыԥраа ашьҭахь минуҭқәак ҵуаны арныҟәага аусура иаҟәыҵит. Аԥырҩы илшон апарашиут ала дыԥан ихы еиқәирхарц, аха Ешыра адәаҿы аҳаирплан артәара иҽазишәеит. Маҷӡак игхеит адәаӡаҟынӡа аҳаирплан неигарц. Ажьырныҳәатәи аӡы хьшәашәеи аԥырҩы имаҭәа хьанҭеи имч дмырхеит, дӡааҟәрылеит ҳәа ауп ишыҟоу агәаанагара", - еиҭеиҳәоит Қарчаа.
Абри аамҭақәа рзы Сиков иҭаацәа хабарда дыбжьаӡит ҳәа рдыруан. Иҭоурых аиҭашьақәыргылара даара еигәырӷьеит иҳәеит иара.
Астратегиатә коммуникациақәа рзы Аԥсны ахада ицхырааҩ Ренат Қарчаа иҳәеит ари аҭоурых ишугәаланаршәо аԥсуа ԥырҩы Даҭикәа Лашәриа иҭоурых.
"Сиков диит Новгородтәи аобласт аҿы. Новгородтәи аобласт аҿы аекипаж далахәны дҭахеит аԥсуа ԥырҩы Даҭикәа Лашәриа, апоет Мушьни Лашәриа иашьа. Аҳаирплан ааха аман. Аԥырҩы аеродром аҟынӡа инеигӡарц иҽазишәеит, аха километр заҵәык дзымнаӡеит. Аекипаж зегь ҭахеит. Ари аҭоурых 15 шықәса раԥхьа ишьақәыргылан. Даҭикәа Лашәриа Николаи Сиков дахьынхоз аҭыԥқәа ирцәыхарамкәа дҭахеит. Арҭ акыр еизааигәоу аҭоурыхқәа ицәырыргеит авиаторцәа-фырхацәа рбаҟа Аԥсны аартра", - ҳәа еиҭеиҳәоит Ренат Қарчаа.
Амузеи аусуҩцәа Аслан Бжьаниа ихьӡала ашәҟәы рҩит абаҟа аргыларазы. Уи иара дадгылеит. Ақалақь анапхгара анапынҵа риҭеит. Аусурақәа ирылаган.
"Аусурақәа ирҿуп. Аӡәгьы заанаҵы усеиԥш имхәыцкәа абаҟа аартра Аиааира апарад амҩаԥгара арыцхә иақәшәеит. Ҳара иҳаздырамызт Путин рашәара 24 рзы Апарад мҩаԥгахоит ҳәа рылеиҳәоит ҳәа. Аслан Гьаргь-иԥа иҳәеит ҳҽахьаҳагӡап ҳәа. Ҳаргьы уи ҳҽазаҳшәоит", - иҳәеит иара.
Авинт ықәдыргылоит Идырым асолдаҭ ибаҟа аҵакыраҿы. Уаанӡа ара арратә техника ықәдыргылахьан.
"Атехника ықәгоуп. Иахьагаз ҳаздырам. Апостаментқәа руак аҿы абаҟа аҟаҵара ҳагәҭакуп. Рашәара 24 рзы иқәҳаргылоит иара ахаҭа, нас Аԥсны иалҵыз аԥрыҩцәеи Аԥсны ажәҩан аҿы иҭахаз аԥрыҩцәеи рыхьыӡқәа анаҳҵоит", - иҳәеит Қарчаа.