Аконкурс "Урыстәылаз ажәеинраала" аиааирагаҩцәа Ацҳаражәҳәарҭаҿы аҳамҭақәа рырҭеит

Аконкурс алахәхаразы Урыстәыла иазку жәеинраалак ҵаны авидео ианҵаны иарбаз аԥошьҭахь инашьҭтәын.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Россотрудничество имҩаԥнагаз аконкурс "Урыстәылаз ажәеинраала" аиааирагаҩцәа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ аҳамҭақәа рыҭара мҩаԥысит. Аконкурс рхы аладырхәит 40-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәа.

Аконкурс "Урыстәылаз ажәеинраала" аиааирагаҩцәа Ацҳаражәҳәарҭаҿы аҳамҭақәа рырҭеит

 

"Ахәыҷқәа ажәеинраалақәа рхы-рыԥсы зегь ақәҵаны ирыԥхьон. Акомиссиа алахәылацәа даара ирцәыцәгьан аӡә иалкаара. Ус шакәызгьы, аимак-аиҿак ашьҭахь аӡбра ҳадаҳкылеит", - ҳәа еиҭарҳәеит Россотрудничество аҿы.

Аиааира ргеит:

  • Воуба Леон Геннади-иԥа(Очамчыра)
  • Гамгьиа Леон Игор-иԥа (Очамчыра)
  • Оҭырба Еснат Баграт-иԥа (Гагра)

Акомиссиа иара убасгьы ишьақәнаргылеит авидео азы аԥхьахә ҷыда. Ари аноминациаҿ аиааира игеит Демурчан Марлен Олег-иԥа (Багажә иашҭа).

Ацҳаражәҳәарҭахь инаԥхьан ахәыҷқәа разыҟаҵаҩцәа: Чилачаа Медеиа Иури-иԥҳа, Коржова Вера Уасил-иԥҳа, Славина Викториа Александр-иԥҳа, Алексиан Лусине Киркор-иԥҳа. Аԥхьахәқәа ранашьара иалахәын аҭаацәагьы.

Аконкурс "Урыстәылаз ажәеинраала" аиааирагаҩцәа Ацҳаражәҳәарҭаҿы аҳамҭақәа рырҭеит

Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин иазгәеиҭеит Аԥсны аурыс бызшәахь аинтерес шрымоу, Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.

Аҳамҭаҭара ашьҭахь алахәылацәа зегьы иформалым аишәа хаа рзырхиан.

"Аконкурс алахәылацәа рвидеоқәа асоциалтә ҳақәа рҿы рбара алшон. Атехникатә ҭагылазаашьақәа ирымаданы иалымшеит зегьы аамҭакала дырбара", - ҳәа азгәарҭеит Россотрудничество аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: