АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар рыхьӡалеи хаҭала иара ихьӡалеи Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
"Урыстәыла Амш – ҳаамҭазтәи Урыстәыла аҭоурых иахәҭакхаз, зегь реиҳа иқәыԥшу ныҳәоуп. Ари аныҳәамш апатриотизмра, ахақәиҭра, аиашара рахь уназго аурыс жәлар рдоуҳатәи ркультуратәи ҭынха беиа акәны иҟоуп. Иахьатәи Урыстәыла – иӷәӷәоу, ихьыԥшым, амилаҭтә интересқәа зыхьчо, амчра ду змоу тәыланы ишыҟоу шьақәзырӷәӷәо ҳәынҭқарроуп", - аҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.
Уи анаҩсгьы Бжьаниа Путин Аԥсны ажәлар рыхьӡала ҭабуп ҳәа иеиҳәоит аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргылара, ашәарҭадара аиҿкаара, асоциал-економикатә ҿиареи ауааԥсыра рыбзазара ашьҭыхреи рҿы илагаламҭа ду азы.
Аԥсны ахада иара убасгьы аныҳәа рыдиныҳәалеит Урыстәыла ауааԥсыра зегьы, ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аманшәалара, ақәҿиара ҿыцқәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны аҿиаразы аинвестициатә программа 2020 шықәсазы еиҵахаӡом