Аԥсны АКХ Апарламент ахь акандидатцәа рҭаҩра хнаркәшеит

Апарламент ахь адепутатцәа ркандидатура ықәзыргыло апартиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи рҭаҩра мҩаԥысуан лаҵара 23 инаркны рашәара 12 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 12 – Sputnik. Аԥсны АКХ ихнаркәшеит Апарламент ахь адепутатцәа ркандидатура ықәзыргыло апартиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи рҭаҩра ҳәа рҳәеит Алхратә комиссиа хадаҿы.

Алхас Ҳагба кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭаҩуп

АКХ аҿы иҭарҩит акандидатурақәа жәба. Аполитикатә партиақәа ркандидатцәа ықәыдмыргылаӡеит. Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 аҟнытә Жәлар реизара адепутатрахь Аидар Кәыҵниа, Гарри Кокаиа, Џьансыхә Адлеиба кандидатс рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҭарҩит Аԥсны АКХ аҿы.

Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 ала ашәҟәы иҭагалоуп Асҭамыр Ахбеи Алхас Ҳагбеи.

Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада № 10 аҿы Ҭамаз Леибеи Ҭемыр Беиеи рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҭаҩуп.

Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны ашәҟәы иҭарҩит Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хада №14 аҟнытә Жәлар Реизара адепутатрахь Габлиа РобесҭаниАлмасхан Барцыци кандидатс рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа.

Ардырразы  алхыҩцәа рсиа алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы икыдырҵоит абжьыҭира 10 мшы шагу. Алхратә закәанԥҵара инақәыршәаны  АКХ  абжьыҭира ҩымш шагу абиуллитенқәа рыла еиқәнаршәоит.

Алхрақәа мҩаԥысуеит: Кындыӷтәи алхырҭатә округ №31, Гәдоуҭатәи алхырҭатә округ №18, Бзыԥтәи алхырҭатә округ №10,Оҭҳаратәи алхырҭатә округ №14 рҿы.

Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа

Далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак – алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа – зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа. Далххоит абжьыҭира  иалахәу рхыԥхьаӡара иахьмырԥшыкәа абжьеиҳа зауз.

Аԥсны Жәлар реизара адепутатс дҟалар илшоит алхратә зин змоу, 25 шықәса зхыҵхьоу атәылауаҩ. Адепутатхара илшом зус аӡбара иаҿу, аҩыжәра, ма арыҩшьыгақәа зыҽрыдызцало, зыԥсихика уашәшәыроу ауаҩы.

Азакәанԥҵаратә мчраҿы амандатқәа ԥшьба ҭацәуп, атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь рҭыԥқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: