АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. Урыстәыла иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы 8 835 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп арегионқәа 84 рҿы, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москватәи аоперативтә штаб.
Иаарԥшыз апациентцәа рахьтә 36,2% ачымазара шрылоу рызгәамҭакәа имҩасуан.
Уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус змаз 119-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 5 409-ҩык. Апандемиа ааҟалеижьҭеи Урыстәыла иахьаҵанакуа 6 948-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара ҭышәынтәалеит 280 050-ҩык.
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы COVID-19 шрыхьыз шьақәырӷәӷәан 77-ҩык ауааԥсыра.
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 37-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә жәҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп, 27-ҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>