Урыстәыла 8 835 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп

© Sputnik / Павел Кононов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория для тестирования на коронавирус
Лаборатория для тестирования на коронавирус  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зынӡа иахьатәи аамҭазы Урыстәыла иахьаҵанакуа иаарԥшуп 528 964 коронавирус хҭыс арегионқәа 85 рҿы.

АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. Урыстәыла иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы 8 835 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп арегионқәа 84 рҿы, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москватәи аоперативтә штаб.

Иаарԥшыз апациентцәа рахьтә 36,2% ачымазара шрылоу рызгәамҭакәа имҩасуан.

Уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус змаз 119-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 5 409-ҩык. Апандемиа ааҟалеижьҭеи Урыстәыла иахьаҵанакуа 6 948-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара ҭышәынтәалеит 280 050-ҩык.

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы COVID-19 шрыхьыз шьақәырӷәӷәан 77-ҩык ауааԥсыра. 

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 37-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә жәҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп, 27-ҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0