Абаҳча акарантин аан: Аҟәатәи аботаникатә баҳча иаԥсҭазаашьоу

Sputnik

Ачымазара ҿкы акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аркуп. Аҟәатәи аботаникатә баҳча ӷәӷәала ианыԥшуеит аԥсшьаҩцәа рыҟамзаара, абаҳча атуристцәа рыбзоурала абиуџьет шьақәнаргылон.

Ақалақь агәҭаны ишьҭоу аботаникатә баҳча сынтәа иахыҵуеит 180 шықәса. Абаҳча ахьӡ-аҧша ду амоуп, Кавказ аҳәаақәа ирҭыҵуеит. 5-нызқь хкы иреиҳаны ара изызҳауа адунеи зегьы аҟнытә еизгоу аҵиаақәа рбарц азы абаҳчахь иаауеит хыԥхьаӡара рацәала мраҭашәарантәи атуристцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 14
Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҿы ашәҭқәеи аҵиаақәеи ашәҭра иаҿуп.
2 / 14
Абаҳча аԥшӡара збо маҷуп.
3 / 14
Аԥсны атуристцәа ыҟам.
4 / 14
Акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аркуп.
5 / 14
Аҟәатәи аботаникатә баҳча ӷәӷәала ианыԥшуеит аԥсшьаҩцәа рыҟамзаара.
6 / 14
Атуристцәа рыбзоурала рбиуџьет шьақәдыргылон.
7 / 14
Аҵиаақәеи ашәҭқәеи рыхәшәтәреи рхылаԥшреи алыршахом абиуџьет ахьыҟам иахырҟьаны.
8 / 14
Апальмақәеи ашәҭқәеи рхылаԥшра аҭахуп, сынтәа дара ахәаҷақәа ихҭакны ирымоуп.
9 / 14
Ақалақь агәҭаны ишьҭоу аботаникатә баҳча сынтәа иахыҵуеит 180 шықәса.
10 / 14
Абаҳча аартын XIX ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа рзы Владислав Багрински ибзоурала.
11 / 14
Абаҳча ахьӡ-аҧша Кавказ аҳәаақәа ирҭыҵуеит.
12 / 14
5-нызқь хкы иреиҳаны ара изызҳауа адунеи зегьы аҟнытә еизгоу аҵиаақәа рбарц азы абаҳчахь иаауеит хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа.
13 / 14
Аботаникатә баҳча аҵакырадгьыл 30 гектар ыҟоуп, урҭ рахьтә ауаа ахьынеиааиуа 5-гектарк рҟноуп.
14 / 14
30% рҟынӡа аботаникатә баҳча аҵиаақәеи, ашәҭқәеи, аҵлақәеи аԥхасҭа роуит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы.