Аибашьра ду алахәылацәа-авиаторцәа рбаҟа дыргылеит Аҟәа

Аибашьра ду алахәылацәа-авиаторцәа рбаҟа официалла иаадыртуеит рашәара 24 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аибашьра ду алахәылацәа-авиаторцәа рбаҟа дыргылеит Аҟәа ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Николаи Медвенски.

Аибашьра ду алахәылацәа-авиаторцәа рбаҟа дыргылараны иҟоуп Аҟәа

Уажәазы аусуцәа апостамент ҟарҵахьеит. Иараҿы иқәдыргылоит аҳаирплан авинт. Аусурақәа макьана амармалташь ала ихырҟьароуп.

"Асовет аамҭа иатәу ажәытә постамент ықәгоуп. Уи аҭыԥаҿы аҿыц ҟаҵоуп. Иқәыргылоуп авинт. Нас амармалташь ала ихҩахоит. Абарҭқәа рышьҭахь Аԥсны иалҵыз аԥрыҩцәеи Аԥсны ажәҩан аҿы иҭахаз аԥрыҩцәеи рыхьыӡқәа анҵахоит", - иҳәоит Медвенски.

Аибашьра ду алахәылацәа-авиаторцәа рбаҟа официалла иаадыртуеит рашәара 24 рзы. Амемориал азы иалхуп Идырым асолдаҭ ибаҟа аҵакыра.

Уаанӡа аҭыԥантәи аԥсыӡкыҩцәа Амшынеиқәа акваториаҿы ирыԥшааит Аибашьра ду аантәи аҳаирплан авинт. Авинт наган Ахьӡ-аԥша амузеи ахь. Амузеи аусуҩцәа Аслан Бжьаниа ихьӡала ашәҟәы рҩит абаҟа аргыларазы. Уи иара дадгылеит. Ақалақь анапхгара анапынҵа риҭеит. Аусурақәа ирылаган.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: