Аԥсны даҽа курсантк акоронавирус идбалоуп

Иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус азы агәаҭара иахысит 32-ҩык Аԥсны атәылауаа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik. Акоронавирустә чымазара ҿкы идбалоуп Урыстәылантә Аԥсныҟа иааз даҽа курсанткгьы ҳәа адырра ҟанаҵоит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аахыҵ Уаԥстәыла авирус змоу рхыԥхьаӡара 78 рҟынӡа ихалеит

Ачымазара зцәа иалоу иаарласны Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь днагахоит ҳәа азгәаҭоуп.

Аҟәатәи асасааирҭа "Аиҭар" аҟынтә 14-мштәи акарантин ахгара аамышьҭахь рыҩныҟа иоушьҭуп ааҩык ауаа – дара зегьы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахырхарҭала аҵара иҭоу акурсантцәа роуп.

Иааидкыланы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы шьақәдырӷәӷәахьеит 38-ҩык ауааԥсыра рҟны. Урҭ рахьтә 27-ҩык ргәы бзиахеит, жәҩык ахәышәтәырҭа иҭоуп, ҿыц иахьа издырбалазгьы лассы уахь днагахоит. Акоронавирус зцәа иалаз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>